Бадра Гәынба иҳәеит аԥхьаҟатәи ҩ-ганктәи аусеицура дшазхиоу:
«Сара сзы акраҵанакуеит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рыҟны ҷыдала аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, ҳәарада, Ԥсковтәи аобластгьы надкыланы. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аус ацура хшыҩзышьҭра иашәҭо азы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Ԥсковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведиорников иҭабуп ахиҳәааит адкыларазы, иаҵшьны иҳәеит, географиала Аԥсни Ԥсковтәи аобласти еицәыхаразаргьы, азеиԥш интересқәеи ахықәкқәеи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа қәҿиарала рыҿиаразы ауасхыр ашьҭаҵара ишацхраауа.