Аихамҩала акруиз апрограмма иалагалоуп Урыстәылеи Аԥсни Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иаԥну аҭыԥ-ԥшӡарақәа рҭаара.
Москвантәи акупеитә вагон ала ацара ахәԥса 37 нызықь мааҭ рҟынтәи иалагоит, «СВ» ҳәа изышьҭоу ҩыџьа заҵәык рҭыԥ змоу авагон ала –68 нызықь мааҭ. Воронежынтәи ацара ахәԥсақәа 28 нызықь мааҭ инаркны 50 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Акомплекстә екскурсиатә программа инацҵаны даҽа 63 нызықь мааҭ рҟынӡа итәоит, аԥхьанатә уи ахәԥса 54,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит ҳәа адырра ҟаҵан.
Амаршрут иамҽханакуеит Новороссииск, араҟа атуристцәа ақалақь аҿы инеиааир рылшоит, иара убас аҩыҟаҵарҭақәа ирҭааргьы ауеит; Аԥсны атуристцәа ирҭаар ауеит аӡхыҽҽарақәа, Иупшаратәи аҩхааҭшәа, аӡиа Риҵа, Аҟәатәи аботаникатә баҳча, Афон Ҿыц; Шәача атуристцәа иаҭаар рылшоит Аолимпиатә парки амшын аԥшаҳәеи; иара убас ақалақь Ростов-на-Дону, араҟа аныҟәаҩцәа донтәи аказакцәа рҭоурых атәы аилкааразы алшара рзаԥҵахоит.
Иалухыр алшоит инагӡоу аекскурсиатә пакет, мамзаргьы хазы игоу ақалақьқәа рҿы хазы игоу апрограммақәа. Убас: Новороссиск – 24,9нызықь мааҭ, Гагреи Аҟәеи – 12,7 нызықь мааҭ, Аҟәеи Афон Ҿыци – 9,9 нызықь мааҭ, Ростов-на-Дону, Азов уахь иналаҵаны – 15,5 нызықь мааҭ, Ростов-на-Дону ацәыргақәҵатә центр «Донская Казачья гвардия» – 50,5 нызықь мааҭ.
Адәыӷба аилазаараҿы иҟоуп акласс «люкс» авагонқәа, «СВ» ҳәа изышьҭоу ҩыџьа заҵәык рҭыԥ змоу акупе, иара убас абжьааԥнытәи акупеқәа, авагон-ҽыкәабарҭа, авагон-спа, абари акараоки зцу аресторан. Аекскурсиақәа рыхәԥса иалагалаӡам адәыӷба ала аныҟәара амҩақьыра.