АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:17

Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  33 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 14 рзы иалагеит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра.

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла ргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ареспублика Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Арбџьамчқәа рыруаа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы зџьазтә биусҭқәа шьақәыргылоу аԥсуа ар рԥызацәа – Аԥсны Афырхацәа Сергеи Дбар, Сулҭан Сосналиев, Мушьни Хәарҵкьиа, Владимир Аршба ҳаҭырла игәалаиршәеит, рбаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит, дхырхәеит.  

 


Read 20 times - Аԥшьаша, 14 Нанҳәа 2025 12:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.