АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:17

Аԥсны Анапхгара ахаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш аҽны Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба анышә дахьамадоу Амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. 

 

 


Read 19 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.