АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:52

Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара инамаданы Бадра Гәынба ихьӡала ашәҟәы ааишьҭит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара инамаданы Бадра Гәынба ашәҟәы изааишьҭит.

Ашәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!  Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи иахьа Аԥсны иазгәарҭо Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш инамаданы Аахыҵ Уаԥстәыла аԥсуа жәлар инарывагыланы иҭахаз ҳаҭырла ишыргәаладыршәо азгәасҭарц сҭахуп.

Нанҳәамза 14.  Ари  арыцхә Аԥсны 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага иамшны наунагӡа ареспублика аҭоурых ианылеит.  

Ари амш аҽны Аахыҵ Уаԥстәыла аԥснытәи рашьцәеи раҳәшьцәеи инарывагыланы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәоит. Ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит абџьар кны зыԥсадгьыл ахьчаразы иҩагылаз, зхы иамеигӡакәа еиҵагыло абиԥарақәа рԥеиԥш лаша иазықәԥоз зегьы. Иуадаҩыз аамҭа азы аԥсуа жәлар адгылара рыҭаразы хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуазгьы.

1992-1993шш. иҟаз аибашьра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҭоурых адаҟьақәа рҿы итрагедиатәу хҭысны ианылеит.  Зықьҩыла ауаа ҭахеит, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, рыҩнқәа ааныжьны ихҵәаны ицар акәхеит. Аха егьа ус иҟазаргьы, егьа уадаҩреи егьа мыҟәмабареи ҳхаҳгахьазаргьы, ҳара ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи рыхьчара ҳалшеит, иахьагьы аибашьра ҿыц алмыршара азы  иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа зегьы ргәалашәара наунагӡоуп. Аҭынчреи аизҳазыӷьареи аҿиареи амазааит, ишәҭыкакаҷлааит Ареспублика Аԥсны!» 

 


Read 23 times - Аԥшьаша, 14 Нанҳәа 2025 14:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.