АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2025

Бадра Гәынба: «Аԥсны Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵалоит хатәгәаԥхара еибашьуаз, урҭ рҭаацәа, рыхшара адгылара рыҭаразы.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Гәдоуҭа ақалақь, акультура Ахан аҿы имҩаԥысит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш иазку аныҳәатә еизара. Уаҟа дықәгылеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, акыр иаԥсоу ҳашьцәа!

Иахьа иазгәаҳҭо Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш ҳажәлар рзы акрызҵазкуа аныҳәақәа ируакны иҟалеит.

33 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса нанҳәамза 15 рзы, аибашьра иамҽханакыз Аԥсныҟа ихыц ны аара иалагеит раԥхьатәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, абџьаршьҭыхла аԥсадгьыл ахьчаразы игылаз рашьцәа-аԥсуаа ирыдгыларц. Ари аҵак ду аман ҳаибашьцәа ргәы ашьҭыхразы. Аԥсныҟа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ирыԥхьон ршьа, рабацәа рабдуцәа рыбжьы, рыламыс, аиаша ашьақәыргыларазы ирымаз агәазыҳәара.  

Аҩадатәи Кавказ, Алада Урыстәыла, Аԥсны анҭыҵынтә иааз аԥсуа диаспора, Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра активла рҽаладырхәит мраҭашәаратәи еиԥш, мрагыларатәи афронтқәа рыҟны. Шәара шәфырхаҵара агәымшәареи аиашьареи рзы ҿырԥшыга бзианы инхоит наунагӡа.  

Шәҩыла хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Ҳхырхәоит ҳфырхацәа ргәалашәара ахьӡала. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит урҭ аибашьцәа гәымшәақәа зааӡаз анацәеи абацәеи рҿаԥхьа.

Аиааира агараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа инарыгӡаз ароль есқьынгьы ҷыдала иазгәеиҭон ҳмилаҭтә ԥыза, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа, Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Имш акрызҵазкуа шьаҿаны иҟаҵан урҭ рыхьӡ акамыршәразы. Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп ари аныҳәа азгәаҭара аԥшьызгаз, – Лакербаиа Леонид Иван-иԥа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵалоит хатәгәаԥхара еибашьуаз, урҭ рҭаацәа, рыхшара адгылара рыҭаразы. Аԥсны — шәаргьы и-Шәыԥсадгьылуп. Шәара дарбанаԥсуазаалак шәиашьоуп, шәизгәакьоуп. Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны есқьынгьы, есқьынгьы ҳашәзыԥшуп!  

Ҽаанбзиала шәнеиааит, акыр иаҳзаԥсоу ҳашьцәа!»


Read 47 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.