«Адунеи аҿы иреиҳау аҳәынҭқаррақәа ҩба рхадацәа – Урыстәыла Ахада Владимир Путини америкатәи ахада Дональд Трампи реиԥылара хра злоу аҟазшьа шамоу азгәоумҭар залшом. Ҳәарада, уи иаԥхьанеиуан иахьа иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы мҽхакы ҭбаала аусура, еилкаауп, уи аҩ-ганк рхаҭарнакцәа рҟынтәи акыр аҽадцалара шаҭаххаз. Урыстәылеи аколлективтә мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа, акыр идуу урҭ рҭоурых аҿы еиҳа иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы ианыҟоу аамҭазы, Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхадацәа ас еиԥш аиԥылара амҩаԥгаразы иаадырԥшыз агәаӷьреи ахаҵареи азгәоумҭар залшом. Ҳара Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи реизыҟазаашьақәа рҿы апрогресс аҟалара ҳазыԥшуп», - ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр игәаанагарала, «адунеи аҿы зегьы иреиҳау, зегьы раасҭа иӷәӷәоу ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашьақәа аԥхарра рыҵалара аҟынтәи амультипликативтә еффект атәылақәа жәпакы хра злоу аиҭакрақәа рзаанагар алшоит, аглобалтә ҭышәынтәалара азы мҽхакы ҭбаала апроцессқәа хацыркхоит, жәларбжьаратәи аполитикатә климат аиӷьхареи Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рнаҩс атәылақәа жәпакы рыбжьара аусеицура ахырхарҭақәа рацәаны реиҭашьақәыргылареи алыршахоит».
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Путини Трампи реиԥылара аҟынтәи украинатәи ахырхарҭаҿы акыр иӷәӷәоу аиҭакрақәа ҳарзыԥшыр ауеит.
«Жәаҳәарада, Владимир Путини Дональд Трампи реиԥылара хра аланы аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит ҳәа рхаҭа иҟарҵо азгәаҭарақәа инарымаданы ҳақәгәыӷуеит, саргьы украинатәи ахырхарҭаҿы акыр иӷәӷәоу аиҭакрақәа ҳарзыԥшыр ауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аиԥылара адеталқәа зынӡа ишаҳзымдыруагьы, уеизгьы украинатәи ахырхарҭаҿы апрогресс ҟалап ҳәа уақәгәыӷыр ауеит. Сара сгәаанагарала, аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа ркомандақәа рҿаԥхьа даара аусура ду нагӡатәны ишьҭоуп, адунеи зегьы аҿы миллионҩыла ауаа реиԥш ҳаргьы адунеи аҿы зегьы реиҳа иӷәӷәоу аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа реиӷьхара, еиҳа аԥхара рыҵалара, ажәакала, апрогресс шыҟало азы агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.