Апрограмма иалагалахеит абас еиԥш иҟоу аенергетикахархәара-ҭиратә усура ахырхарҭақәа: аенергетикахархәара-ҭиратә усура аиҿкаара; аенергетикахархәара-ҭиратәи аҳатәи аилазаарақәа русеицура; аиқәшаҳаҭратә усуреи аклиенттә сервиси; афымцамч ахархәаразы ауалқәа рылхра анапхгараҭара; аенергетикахархәара-ҭира аҿы ацифратә технологиақәа; аклиенттә политикеи ахархәаҩцәа аус рыдулареи, уҳәа рыла алекциақәеи аԥышәаратә зыҟаҵарақәеи рцикл.
Хазхаҭалатәи ахаҿқәа аус рыдуларазы абоненттә ҟәша аиҳабы Шабат Адлеиба иарбоу аҽазыҟаҵарақәа рзы игәаанагара иҳәеит.
Уи, апрограмма аԥснытәи аспециалистцәа акыр зҵазкуа адыррақәа рынаҭеит, урҭ анаҩс ареспублика аҿы аенергетикахархәара-ҭиратә усура аеффективра ашьҭыхразы имҩаԥгахо аусура аҿы ицхыраагӡа дуны иҟалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.