АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:10

Хьыбла Гьерзмаа нанҳәамза 2 рзы имҩаԥысыз аконцерт аҟынтәи ирҳаз аԥарақәа зегьы Пицундатәи аныхабаа аныҟәгаразы иазоулыжьит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Пицундатәи аорӷан 50-шықәса ахыҵра инамаданы, Хьыбла Гьерзмаа нанҳәамза 2 рзы имҩаԥысыз аконцерт аҟынтәи ирҳаз аԥарақәа зегьы Пицундатәи аныхабаа аҿы иҟоу иуникалу  аинструмент аныҟәгаразы иазоулыжьит, ҳәа адырра ҟарҵоит XXIII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» асоциалтә ҳақәа рҿы иҟоу адаҟьақәа.  

1975 шықәсазы Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал аҳасабала азыӡырҩцәа рзы раԥхьаӡа акәны ашәқәа аанартит. Уи азы ҷыдала Потсдам ақалақь аҿы иаԥҵан еицырдыруа анемец фирма Alexander Schuke Orgelbau иҭнажьыз аорӷан. Усҟан Хьыбла хәыҷы лзы аорӷан раԥхьатәи сахьаркыратә нырра ӷәӷәа лызҭаз акакәны иҟалеит: уи иахылҵуаз акы иаламҩашьоз абжьы лара даршанхеит, анаҩс лыԥсҭазаарагьы амузыка иазылкырцгьы лыӡбеит. Лара лаб, Леуарса Гьерзмаа иакәзар, уи ари аинструмент аагареи ашьақәыргылареи далахәын. Убасала аҭаацәаратә ҭоурыхи аныхабаа аҭоурыхи еилаҵәеит.

Сынтәа пицундатәи  аорӷан 50 шықәса ахыҵуеит. Ашәышықәсабажа рыҩныҵҟа Пицунда игоит узыршанхо, аныхабаа иҩнаҩуа, азыӡырҩцәа рыгәқәа анаӡаӡара иазырхоу амузыка ала игәылызҭәаауа иара абжьы.


Read 63 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.