«Иахьа шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа анапхгараҭара 2013 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны иргылаз аӡхагаларатә станциақәа ргәаҭара мҩаԥнагоит.
Иахьа ҳҿаԥхьа зҭагылазаашьа уадаҩу иарбоу аобиектқәа еиҭашьақәыргыланы аус рура хыдҵаны иқәгылоуп. Аобиектқәа рсоциалтә зкызаара иаҵоу аҵакы ахадара ҳасаб азуны, реиҭашьақәыргылара азҵаара ҳара ҷыдала ахылаԥшра аҳҭоит», – ҳәа иҳәеит Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.