АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:51

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Санкт-Петербургҟа амҩа иқәлеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 39-ҩык аԥснытәи ашколхәыҷқәа Урыстәылеи Аԥсни рҵара Аминистррақәа еицынарыгӡо апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербургҟа амҩа иқәлеит.

Ахәыҷқәа иаҭаауеит Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә абнатехникатә Университет.

«Апроект аҵакы хаданы иҟоуп — 14 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ҳхәыҷқәа астуденттә ԥсҭазаара дырбара, уи рхатәы ԥышәала деилыркаара», - ҳәа еиҭалҳәеит Аԥсны аҵара Аминистрра абжьаратәии апрофессионалтәи ҵарадырра Аусбарҭа аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа.

Ашколхәыҷқәа ишиашоу ауниверситет арҵаҩцәа рабадырреи рыҿцәажәареи, иара убас акампусқәеи аудиториақәа рыблала ирбартә еиԥш алшара рзаԥҵахоит.

Нанҳәамза 30 рзы дара рыҩныҟақәа рахь  ихынҳәуеит.


Read 93 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.