АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:52

Урыстәылатәи ааглыхыҩцәеи аусдкылаҩцәеи Реидгыла аус ацурала Аахыҵ Уаԥстәыла абизнес Евразиатәи аекономикатә Еидгыла аџьармыкьақәа рахь анаӡаразы алшара аиуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 18, 20 рзы Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥыслоит I Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаақәа».

Афорум аусура рхы аладырхәраны иҟоуп  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев, Ареспублика Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа, Урыстәылатәи аекспорттә Центр, Урыстәылатәи Афедерациа Ацентрбанк, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа, Сербтәи Ареспублика ахаҭарнакцәа. Иара убас асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟалоит аилазаара дуқәа – ВТБ, ПСБ, ВЭБ, Ростех ахаҭарнакцәеи Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи абизнесс-ассоциациақәа ралахәылацәеи.

Урыстәыла ааглыхыҩцәеи аусдкылаҩцәеи Реидгыла апрезидент Алеқсандр Шохин  убасҵәҟьа иазԥхьагәаҭаны имоуп афорум ахалархәра, уи ҩаԥхьа урыстәылатәи абизнес Аахыҵ Уаԥстәыла еицыфеидоу аекономикатә еимадарақәа рыбжьаҵара ишазҿлымҳау арҵабыргуеит.

Алеқсандр Шохин акыр шықәса ҵуеит инеиԥынкыланы абизнеси анапхгареи рыбжьара аконструктивтә диалог абжьаҵара дадгылоижьҭеи, иара аинвесторцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи урыстәылатәи аилазаарақәа жәларбжьаратәи акооперациатә еилазаарақәа рахь ринтеграциеи дадгылоит. Иара инапхгарала Урыстәыла ааглыхыҩцәеи аусдкылаҩцәеи Реидгыла  ааглыхра атехнологиатә рҿыцра, акапитал адыԥхьалареи аҳәаанырцә иҟоу урыстәылатәи абизнес апозициақәа рырӷәӷәареи  иазырхоу аԥшьгарақәа қәҿиарала инанагӡоит.

«Урыстәылатәи ааглыхыҩцәеи аусдкылаҩцәеи Реидгылеи уи алахәылақәас иҟоу аилазаарақәеи аус рыцурала Аахыҵ Уаԥстәыла абизнес Евразиатәи аекономикатә Еидгыла аџьармыкьақәа рахь анаӡаразы алшара  аиуеит. Ҳара убасҵәҟьа Идуу Евразиатәи апартниорра аформат аҿы апроектқәа реицынагӡара аперапективақәа шыҟоу аабоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсандр Шохин.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны араҟа ирылацәажәараны иҟоуп аусеицуреи аинвестициақәеи рзы алшарақәа рырҭбаара, абанктә усхкы, атехнологиатә проектқәа адгылара рыҭара, афинанстә инструментқәа рыҿиара, атуризм, аҿар раԥшьгарақәа, аусдкылара ирыдҳәалоу азҵаарақәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла аекономика иҭышәынтәалоу аҿиареи амодернизациеи рзы акыр аамҭа зҵазкуа апрограммақәа.  

I Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаақәа» аспорт Ахан «Олимп» аҿы имҩаԥгахоит. Афорум азы еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура алшоит ателеграм-канал  t.me/alaniaforum аҿы, иара убас  асаит alaniaforum.org аҿы.

Амедиагәыԥ «Аԥснымедиа» афоррум аинформациатә партниорцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп.

 

 

 

 


Read 101 times - Ашәахьа, 18 Нанҳәа 2025 16:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.