АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:27

Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада амедицинатә маругақәа рыла аиқәыршәара азҵаарала аилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра иҷыдоу аинфраструктуратә проект анагӡаразы адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Ельмира Вергазова,  аштатнҭыҵтәи ареаниматолог хада,  Амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә Центр «Ахәышәтәра-реабилитациатә центр» (НМИЦ "Лечебно-реабилитационный центр") адиректор Сергеи Царенко, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада анапхгараҭареи Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә центрқәа рхаҭарнакцәеи алархәны, авидеоконференцеимадара арежим ала Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿиареи уи ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә еиқәыршәагақәа рыла аиқәыршәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  

Уажәы аекспертцәа ргәаанагарала, акурорттә сезон азы ареспублика ауааԥсыра реиԥш уи иаҭаауа асасцәагьы зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара алыршаразы ахәышәтәырҭа иазымхо амедицинатә маругақәа рыла аиқәыршәара азҵаара аӡбара напаркуп.  

Хара имгакәа Гагра араионтә хәышәтәырҭа аҭагылазаашьа агәаҭареи иагу-иабзоу аилкаареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрреи апрофилтә медицинатә центрқәеи рҟынтәи аспециалистцәа раара азԥхьагәаҭоуп. 

 

 

 


Read 39 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.