Адышшыларатә цҳамҭаҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Хаҭала сара сыхьӡала, атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив ахьӡала, гәык-ԥсыкала сдышшылоит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иԥа Боциев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.
Олег Илиа-иԥа Боциев, Аԥснытәи АССР, Ҭҟәарчал ақыҭан ииз, аԥснытәии ауаԥстәи аҳәынҭқарратә усзуҩ, адипломат, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ.
Олег Илиа-иԥа Боциев есымша далукаауан зыҩаӡара ҳараку изанааҭдырреи аҳәынҭқарра аинтерессқәа рыхьчара азы илагалеи иԥышәа дууи рыла. Уи илаз иуаҩышьатә ҟазшьақәа ирыбзоураны Аԥсни аиашьаратә ауаԥс жәлари рыбжьра аҩганктәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара аиуит.
Олег Илиа-иԥа игәалашәара лаша изааигәаз ауаа, иҩызцәа, иколлегацәа наунагӡа ргәаҵаҿы иаанхоит.
Ари илеихьеиқәҵагоу амш аҽны Олег Илиа-иԥа Боциев иуацәеи иҭынхацәеи срыдышшылар сҭахуп».