Аԥсни Ҟәбинеи ахаангьы аԥхарра, аилибакаара, лыҵшәазмоу аусеицура рыбжьан, Шәара хаҭала шәроль абри аус аҟны ахә ҳаракны иаҳшьоит.
Шәара шәнапы злаку аус Аԥсадгьыл амаҵ аура, Ҟәбина ахыԥшеи аҿиареи рырӷәӷәара иазкуп.
Шәара шәгәамч, иныҟәыжәго аҭакԥхықәра, аҟәыӷара арегиони Урыстәыла зегьи рзы ҿырԥшыга бзианы иҟоуп.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, еицакра зқәым агәамч, аихьӡара ҿыцқәа Краснодартәи атәылаҿацәи Урыстәылатәи Афедерациеи реизҳазыӷьаразы имҩаԥыжәго аусураҟны, ҳажәларқәа реиҩызара арӷәӷәараҟны».