АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Цәыббра.2025

Цәыббрамза 1 – Адыррақәа Рымшныҳәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 1, Адыррақәа Рымныҳәа аҽны, Аԥсны 151 школ аҵаҩцәа раԥхьа рышәқәа аадыртит.  Даҽа школк, Гәдоуҭатәи ашкол №4, ҩы-мчыбжь рышьҭахь, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь  иаатуеит.

Сынтәа Аԥсны иахьаҵанакуа актәи акласс ахь ицеит 2 500-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵала Аҵара аминистрра сынтәа раԥхьаӡакәны актәи акласс ахь ицаз аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнархиеит. Урҭ зегьы хаҭа-хаҭала иранашьан актәи акласс ахь ицо аҵаҩы ииҭаху маҭәахәыла иеиқәыршәоу ашәырақәа.

***

Сынтәа Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 актәи акласс ахь ицеит  139-ҩык аҵаҩцәа.  

Адыррақәа Рымш рыдиныҳәаларц арахь дымҩахыҵит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.  Ари ашкол аушьҭымҭа, Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа ашкол аҵаҩцәа ацирк «Агәымшәақәа р-Еҵәаџьаа» («Созвездие смелых») ахь абилеҭқәа ҳамҭас ириҭеит.

***

Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху ашкол № 1 актәи акласс ахь инеит  63-ҩык аҵаҩцәа.  

Ашкол адиректор Нонна Делба актәи акласс ахь зшьапы еихызгаз ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит.

«Шәышколтә ԥсҭазаара гәырӷьарала игәылҭәахааит. Адырра ҿыцқәа раиура шәзымариахааит. Аманшәалареи ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Мҩамш!» – ҳәа илҳәеит Нонна Делба.

Лара иара убас арҵаҩцәагьы русура аҿы аманшәалара рзеиӷьалшьеит.

***

Е.А. Ешба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №5  сынтәа актәи акласс ахь инеит 88-ҩык аҵаҩцәа. Ари аныҳәамш азы ашкол даҭааит, уи аушьҭымҭа, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Иара акласстә уадақәа дрыҩныс-ааҩнысны рҭагылазаашьа гәеиҭеит, аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.  

Ашкол адиректор Лиана Хәарҵкьиа ашкол аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара есааира еиҳахо иаауеит ҳәа иазгәалҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада уи арҵаҩцәа иҳараку рзанааҭтә дарра аҩаӡареи аҭаацәа иаадырԥшуа ахшыҩзышьҭреи ирыбзоуроуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  Хара имгакәа араҟа иаатраны иҟоуп аинформатика акабинет.

 

 

 

 


Read 221 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.