АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Цәыббра.2025

Ақалақь аиқәыршәазааразы акомиссиа аҟәатәи аԥшаҳәа аҿы анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба ихантәаҩрала амшын аԥшаҳәа аҿы имҩаԥысит ақалақь аиқәыршәазааразы акомиссиа анҭыҵтәи аилацәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.  Уи рхы аладырхәит аҳҭнықалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа, Анхара-коммуналтә Нхамҩа аусзуҩцәа, ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа  аусзуҩцәа, аекологиа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы, аботаника Аинститут ахаҭарнакцәа, иара убас апроектҟаҵаҩцәа, Москвантәи иааны иҟоу аландшафтә дизаинерцәа.

Аилацәажәара иалахәыз ареконструкциа апроекти адгьылаҵантәи акоммуникациақәа рысхемеи рыманы амшын аԥшаҳәа иаԥну апаркқәа ирҭааит. Урҭ араҟа игәарҭон ариаҵәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иарбан ҵлақәоу зеиҭаҳара ҟало, иара убас адгьылаҵантәи акоммуникациақәа рышьақәыргылараан аԥхасҭа рымамкәа иаанужьыр зылшо аҵиаақәа.

Константин Ҭарба инаҵшьны иазгәеиҭеит аиқәыршәазаара акомиссиа ахықәкы хаданы ишыҟоу аԥшаҳәа мҽхакы ҭбаала ареконструкциа амҩаԥгараан араҟа иҟоу аҵиаақәа ироуа аԥхасҭа излауа ала армаҷра.

«Аспециалистцәа аԥшаҳәа ареконструкциеи аиқәыршәазаареи рзы аконцепциа иалоу  ауаажәларратә ҵакырақәа рыпроект ҟарҵоит. Анҭыҵтәи акомиссиа ишьақәнаргылоит амаланыҟәатә мҩахәасҭақәа ахьыҟало, ашәшьыра зырҿио аҵиаақәа реиҭаҳара, зыхә дуу аҵиаақәа рыхкы аԥхасҭа рымҭара алыршара, уҳәа азҵаарақәа рыӡбара алнаршоит. Аԥшаҳәа зегьы иахьаҵанакуа ирацәаны аҵиаақәа еиҭаҳахоит. Зегьы азакәан иақәшәо иҟаларц азы ҳара аспециалистцәа адҳаԥхьалоит – аекологиа азы Аҳәынҭқарратә Еилаки аботаника Аинститути рҟынтәи аекологцәа, аландшафттә дизаинерцәа.

Ҳкомиссиа ахықәкы хаданы иҟоуп – аԥшаҳәа ареконструкциа амҩаԥгараан аҵиаақәа ироуа аԥхасҭа излауа ала армаҷра», – ҳәа иҳәеит Константин Ҭарба.          

 


Read 207 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.