Ианаамҭоу агәамсам ақәгара, еиԥҟьарада аӡрыжәтә ала ауааԥсыра реиқәыршәара, иҿыцу аӡыҵхырҭақәа рыжра, аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рыбжьы зырҭаз амшын аԥшаҳәеи асқьалеи рреконструкциа апроектқәа рышьақәырӷәӷәара, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа жәпакы рыӡбара – ҷыдала ахшыҩзышьра аҭахоит.
Аилатәара иалахәыз анхара-коммуналтә маҵзурақәа рзы ашәатәқәа реизгара азҵаара иазааҭгылеит. Ҭемыр Агрба иарбоу ахырхарҭала аусура арӷәӷәаразы анапынҵа ҟаиҵеит.
Иара убас ақалақь Ахадара аҭоурыхтә хәу змоу анхарҭаҩнқәа рҿыԥшыларатә ганқәа рырҿыцра иадҳәалоу апрограмма анагӡара мҽхакы ҭбаала иалагоит. Хара имгакәа Арӡынба имҩала игылоу ҩ-ҩнык ррестоврациа мҩаԥгахоит.
«Аусурақәа зегьы архитектуратә ҟәша аҿы ақәыршаҳаҭра иахысроуп, анаҩс ауп аргылаҩцәа урҭ рынагӡара ианалаго. Иҟоу анормақәа рықәныҟәарала мацара ауп ҳара ахыбрақәа рҿыԥшыларатә ганқәа рреставрациа шымҩаԥаҳгало», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.