Нанҳәамза 28 рзы иԥсҭазаара далҵит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Ареспублика Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ О.И. Боциев.
Олег Боциев диит хәажәкырамза 26, 1954 шықәса рзы Тҟәарчал ақалақь аҿы.
1976 шықәса рзы Харьковтәи аҳәынҭқарратә университет амеханикатә факультет далгеит.
1976 – 1979 шш. – имаӡоу анаплакы аҿы ацех аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс, аҟаза еиҳабыс аус иуан.
В 1979 – 1984 шш. – азауад «Точприбор» ацех аиҳабыс аус иуан.
1984 – 1989 шш. – автобаза «Турист» аҿы анџьныр еиҳабыс, 1989 – 1992шш. рзы автобаза «Турист» адиректорс аус иуан.
1992 шықәса рзы Аԥсны атранспорти аимадареи рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟалеит, иара убас Атәылахьчара аминистрреи, Аминистрцәа реилазаареи, Аџьеи асоциалтә хьчареи рминистррақәа рҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа ааникылон.
2007 шықәса инаркны Олег Боциев Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩыс дыҟан.
2013 шықәса мшаԥымза 15 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Леонид Тибилов иусԥҟала Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан.
Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьан.