АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:57

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала имҩаԥысит амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Акомиссиа ԥшь-зҵаарак ирыхәаԥшит:

  • Ҳаамҭазтәи Аԥсны аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Ареспублика Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәаратә ӷәы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ешыратәи абжьаратәи ашкол аҿы ашьақәыргылара азы;
  • Ареспублика Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь искульптура Аҟәа ақалақь иҟоу С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы ашьақәыргылареи аплошьад арԥшӡареи рзы;
  • Гал ақалақь аҿы аиланхарҭатә пункт Гал ашьаҭаркҩы Ҭлабӷан Кецба ибаҟа аргыларазы;
  • Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ибиуст Афон Ҿыц ақалақь апарк аҿы ашьақәыргыларазы.

Аҳәынҭқарратә комиссиа ала акультура Аминистрра анапынҵа аҭахоит апоет искульптура иреиӷьу апроект азы аконкурс алаҳәаразы.

Егьырҭ амшхәаԥштә зҵаарақәа рыла аилацәажәара иацҵахоит иааиуа акомиссиа аилатәарақәа рҿы.


Read 221 times - Аҩаша, 02 Цәыббра 2025 17:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.