АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 9:44

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи ашәыруҭраҭыхтә шьҭаҵарҭа ацитрустә шәырқәа рыдкыларазы ишазхиоу гәарҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза  8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ацитустә шәырқәа рыҟалареи реизгара аамҭахәҭеи аламҭалазы атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ  Вараздат Миносиани ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Гәылрыԥшь раион аҿы иҟоу ашәыруҭраҭыхтә шьҭаҵарҭа иаҭааит.

Иарбоу ашәыруҭраҭыхтә шьҭаҵарҭа 2015 шықәсазы иргылан, уи иаднакылар алшоит 2500 тонн рҟынӡа ашәыри ауҭраҭыхи еизакны. Уи аиҳарак аҽаҩра аҭагалара аамҭазы актуалра аиуоит.

Вараздат Миносиани Беслан Џьопуеи ари ашәыруҭраҭыхтә шьҭаҵарҭа анапхгаҩы иԥылеит, еиԥҟьарада аобиект аусура алыршара иалацәажәеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп ақыҭанхамҩа Аминистрра аофициалтә саит аҿы.

Ирылацәажәеит архьшәашәагатә камерақәа реиҭашьақәыргылара азҵаара, иара убас адашьма арҿыцра иадҳәалоу азҵаарақәа. Арҭ аусурақәа ацитрустә шәырқәеи афеихуа ҟалаанӡа ихыркәшахароуп, еиԥҟьарада ауааԥсыра рҟынтәи ашәыр адкылара алыршаразы.


Read 118 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.