АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:41

Аԥсны Урыстәыла хра злоу аԥышәа амадара атенденциа шыҟоу убаратәы иҟоуп, ҳәа иазгәеиҭоит аполитолог Алеқсеи Мартынов.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгаратә усуреи аҟыбаҩ злоу акадрқәа ралхреи рганахьала Урыстәыла хра злоу аԥышәа амадара атенденциа шыҟоу убаратәы иҟоуп, ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо иазгәеиҭеит Урыстәыла Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университет адоцент, аполитолог Алеқсеи Мартынов.

Ааигәа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба аминистрцәа Реилазаара ирҿыцу асистема шьақәирӷәӷәеит. Уажәшьҭа аԥыза-министр хәҩык ахаҭыԥуаҩцәа имоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иара убас  аминистр имаҵура назыгӡогьы.  

«Иубаратәы иҟоуп Аԥсны анапхгараҭаратә усура амҩаԥгараҿы урыстәылатәи амодель ишазхьаԥшуа. Мҽхакыла аиԥшымзаарақәа ыҟазаргьы – Урыстәыла дууи Аԥсынтәыла хәыҷи рыбжьара – агеографиатә еизааигәареи аҩтәылак ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи ирыбзоураны, аминистррақәеи ахылԥшырҭақәеи рыҩаӡараҿгьы уахь иналаҵаны,  урыстәылатәи аԥышәа инақәыршәаны аструктура аоптимизациа мҩаԥысуеит», – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Алеқсеи Мартынов.

Аполитолог иазгәеиҭеит, иҿыцу Бадра Гәнба икоманда иалхын, раԥхьа иргыланы ауаа рыпрофессионалтә ҟазшьақәеи рзанааҭтә лшарақәеи рыла, уи жәаҳәарада, Аԥсны аҩныҵҟа аполитикатә климати жәларбжьаратәи аусеицура ашьақәыргылареи хра злоу анырра анаҭоит. Иаагозар, Урыстәыла иҟаз Аԥсны ԥыхьатәи ахәаахәҭратә хаҭарнак, алхрақәа раан уажәы аҳәынҭқарра иахагыло иоппонет Олег Барцыц атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ ааникылеит.  

«Иара алхрақәа раан аоппонентс дшыҟазгьы, иара иидеиақәа, иҟыбаҩ ахшыҩзышьҭра аҭахеит, саргьы агәра ганы сыҟоуп, Олег Барцыц хара имгакәа илоу аусуралшара иреиӷьу аганахьала ишааирԥшуа», - ҳәа иажәа иацҵо иҳәеит Алеқсеи Мартынов.

Иара убас атәыла анапхгара абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа ралԥшаара азы аконкурс «Аԥсны Акоманда» мҩаԥыргеит. Аиааира згаз иҿыцу анапхгара аҿы аусура рыдыргалахьеит. «Ари убасҵәҟьа Аԥсны қәҿиарала ахархәара зауз хра злоу урыстәылатәи ԥышәоуп. Уаанӡа акыр аамҭа иалагӡаны аҭыԥ змаз уала-ҭахылатәи ауаажәларратә еилазаара ашьақәыргылара мап ацәкуп, уажәшьҭарнахыс акырӡа аҵанакуеит Ареспублика Аԥсны аҿиара бзиа азҭаша аеффективра злоу аӡбамҭақәа рыдкылара ахшыҩзышьҭра ӷәӷәа аҭара», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит аексперт.


Read 38 times - Ахаша, 10 Цәыббра 2025 22:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.