Иҟоу адыррақәа рыла, цәыббрамза, асааҭ 01:20 инарзынаԥшуа, Аҩӡба Аинар Анзор-иԥа Гәымсҭа ақыҭан иҟоу Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ аҿы Ашоҭ Артур-иԥа Хачикиани иареи рыбжьара аимак ҟалеит, урҭ еибаԥҟеит, уи аамҭазы ижәны иҟаз Аинар Аҩӡба, иавтомашьына «Мерседес-Бенц» (ашәҟәҭагаларатә номер X 777 ТХ) иҭаз ихьӡала ашәҟәы иҭагалаз, зыхҭаларшә 9х18 мм. инаӡо итапанча Макаров 6769 ала Хачикиан Ашот ԥшьынтә диеихсит.
Зшьаргәацәи зыгәбыцаҟьи ахқәа зықәшәаз Ашоҭ Хачикиан Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган, аха уи иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны ахәышәтәырҭаҿ дахьнаргаз иԥсҭазаара далҵит.
Цәыббрамза 8 рзы Аинар Аҩӡба дааныркылеит. Уи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭала аанкыларазы акамера ахь днагоуп.