АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 3:52

Аҟәа ақалақь аҿы асахьаркыратә гимнастика Ашкол аадыртит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы асахьаркыратә гимнастика Ашкол аадыртит.

Ашкол аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба, аҵара Аминистрра азеԥш, абжьаратәи азанааҭтә ҵарадырреи рыҟәша ахаҭарнак Маиа Цыбулевскаиа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, Аԥсны асахьаркыратә гимнастика Афедерациа апрезидент Гәында Кәарҷиа, Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, аспорттә еилазаара ахаҭарнакцәеи аспортсмен қәыԥшцәа рҭаацәеи.

«Ашкол ҿыц маха-шьахала аҿиара иаҭыԥны мацара акәымкәа, анаҩс ареспубликатәи жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы Аԥсны қәҿиарала ахаҭарнакра назыгӡараны иҟоу аӡӷабцәа рҟыбаҩ аарԥшра азы хра злоу плошьадканы иҟалоит», - ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Аныҳәатә атмосфера еиҳагьы еихарҳаит Алина Кабаева напхгара зылҭо асахьаркыратә гимнастика Академиа «Небесная грация» ааӡамҭацәа рықәгыларақәа. Урҭ зеиӷьаҟам ала иаадырԥшит ари аспорт хкы аԥшӡареи аилыххареи.

Иахьа ашкол аҿы аус руеит ԥшьҩык азыҟаҵаҩцәеи ахореографи.


Read 28 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.