«Еиҵагыло абиԥарақәа уи ипатриотизм рызнагара акырӡа аанагоит, – ҳәа акиносахьа адгалара мҩаԥго илҳәеит амузеи адиректор Мзиа Беииа. Уи илафҳәара даара иуадаҩыз аамҭақәа рзы акыр ҳгәы шьҭнахуан, агәазҭазаара ҳнаҭон, иара аибашьцәа рҭахара гәыкала ишхьааигоз наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит».
Мзиа Беиа иара убас илгәалалыршәеит: Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс даныҟарҵа ашьҭахь хара имгакәа Владислав Арӡынба чарак аҿы днеит. Еизаз зегьы идныҳәаларц азы ихаҵгылара адагьы агәил ашәҭыцқәа иқәрыԥсо иалагеит.
«Сара лассы-лассы исгәалашәоит убри ахҭыс аныҟала иара иблақәа зеиԥшраз, уи даара даргачамкит иҟалаз, дыԥхашьа-ԥхаҵо дааҟалеит, аха убри аан уи иблақәа иара убас ирнубаалон иоуз ажәлар рыбзиабаразы аҭакԥхықәра ду шиду аилкаара», - ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Владислав Арӡынба, ареспублика Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хаданы дшыҟазгьы, дсолдатны ихы иԥхьаӡон, акыр аамҭа мап ацәикуан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ианашьара, аиааира ажәлар зегьы иртәуп ҳәа иазгәеиҭон. Ажәлар иҟарҵаз аҳәарала ауп иара ари иҳараку ахьӡ шидикылаз, уи иарҵабыргуеит аршаҳаҭга аномер— 324.
Аԥсны акультура Аминистрра ала еиҿкаау афильмқәа дырбара ареспублика араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысраны иҟоуп.
Афильм аԥҵоуп амобилтә еимадара Аилазаара «Аҟәафон» афинанстә цхыраарала.