АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи аиҩызареи аусеицуреи рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра 20 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи аиҩызареи аусеицуреи рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра 20 шықәса ахыҵит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи аиҩызареи аусеицуреи рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра 20 шықәса ахыҵит

Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи ирыбжьарҵаз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра 20 шықәса ахыҵит. 2005 шықәса цәыббра 19 рзы Цхинвал ақалақь аҿы анапы зҵарҩыз ари аҭоурыхтә документ ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи рыбжьара аиашьара, аицхыраара, аусеицура ирымоу аҭоурыхтә традициақәа шьақәнарӷәӷәеит.

Аиқәшаҳаҭра ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы изакәантә шьаҭаны иҟалеит, уи аполитикатә, аекономикатә, акультуратә аспектқәа аҵанакит. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа иара шьаҭас измоу 40 инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит, урҭ аусеицураз ихадоу ахырхарҭақәа еиҿыркаауеит, ашәарҭадара, аекономика, аҵарадырра, аҳәынҭқарратә хьчара русхкқәагьы абрахь иналаҵаны.

2005 шықәсазы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ажәларқәа рхьыԥшымреи жәларбжьаратәи разхаҵареи рзы рықәԥара иацнаҵеит.

«Агәра ганы ҳаҟоуп аринахысгьы ганрацәалатәи аусеицура арҭбаареи анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа хымԥада рынагӡареи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа рыбзазара арӷәӷәара ишацхраауаз», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа атекст аҿы.

 


Read 131 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.