Атәылахьчара Аминистрра арратә зыҟаҵара Аусбарҭа аиҳабы Беслан Мышәба Аԥсны Ахьыԥшымреи Аиааиреи Рымш аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит:
«Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, есышықәса ҳара апарад амҩаԥгара ҳҽазыҟаҳҵоит. Сынтәа ҳара иазгәаҳҭоит Аиааира 32-шықәса ахыҵра. Апарадтә гәыԥқәа ҩымз рҽазыҟарҵон. Ҳара иаҳзаанхеит даҽа ҩ-ҽазыҟаҵарак амҩаԥгара. Арепетициа Хада мҩаԥгахоит цәыббрамза 29, асааҭ 16:00 рзы», –ҳәа иҳәеит иара.
Апарад рхы аладырхәраны иҟоуп 700-ҩык инарзынаԥшуа – Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи урыстәылатәи абыжьбатәи арратә базеи рыруааи.