АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2025

Иааиуа ашықәс азы Аԥсны Абанк даҽа ҩ-банкнотак ҭнажьраны иҟоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Абанк хә-банкнотк ҭнажьит. Иааиуа ашықәс азы иазԥхьагәаҭоуп даҽа ҩ-банкнотк рҭыжьра: 250 аԥсар ицо, Нестор Лакоба изку абанкнотеи хә-ԥсарк инаӡо «Аԥсны Афлореи Афауни» асериа аҟынтәи банкнотаки. Уи ианылоит аԥарԥалыкь ҟаԥшь асахьа. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа. 

Ари асериа аҿы абанкнота зегьы иреиҳау аноминал амоуп – 500 ԥсар, уи Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изкуп.   

Беслан Бараҭелиа инаҵшьны иазгәеиҭеит иааиуа ашықәс азы быжь-номиналк рыла зыдгалара мҩаԥгоу абанкнотқәа раԥхьатәи асериа  аҭыжьра шхыркәшахо, абанк аемиссиа ахыркәшаразы аҳәамҭа шыҟанаҵо, избан акәзар, Аԥсны азакәанԥҵара инацҵаны аемиссиа амҩаԥгара азин ҟанаҵаӡом.   

«Иҟалоит егьырҭ асериақәа рҭыжьра, аха иҟоу инацҵаны ркьыԥхьра ҟалаӡом», – ҳәа иҳәеит Беслан Бараҭелиа.

Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы абанкнотқәа раԥхьатәи асериа аемиссиа азы алаҳәара шыҟалалак еиԥшҵәҟьа урҭ рыхәԥсақәа акыр иазҳар алшоит ҳәа агәаанагара имоуп.

Шьҭарнахыс иарбоу абанкнотқәа раахәара алшоит мацара аколлекционерцәа рыҟны, мамзаргьы уаанӡа урҭ аазхәахьаз ауаа рыҟны», - ҳәа иҳәеит Беслан Багаҭелиа.


Read 153 times - Ашәахьа, 22 Цәыббра 2025 14:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.