Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 8 – 10 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысло акреативтә економика азы Жәларбжьаратәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны акультура Аминистрреи астратегиатә аԥшьгарақәа рзы урыстәылатәи Агентреи аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарыҩраны иҟоуп. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
«Астратегиатә аԥшьгарақәа Рагентра ааԥхьарала, жьҭаарамза 8 инаркны 10 аҟынӡа ҳара Санкт-Петербург имҩаԥысло акреативтә економика азы Жәларбжьаратәи афорум ҳхы алаҳархәуеит. Иарбоу афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны акультура Аминистрреи астратегиатә аԥшьгарақәа рзы урыстәылатәи Агентреи рыбжьара аусеицуразы амеморандум анапаҵыҩра азԥхьагәаҭоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Даур Ақаҩба игәаанагарала, амеморандум анапаҵыҩра акультуратәи акреативтәи аиндустриақәа рыҿиаразы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалоит.
«Ҳара агәыӷра ҳамоуп аусхкы аҿы аусеицура Аԥсны иҟоу апотенциал аҿиара ишацхраауа, аха, рыцҳарас иҟалаз, иара апотенциал иахәҭоу аҩаӡара аҟынӡа аартра залыршам макьаназы. Урыстәылатәи Афедерациаҿы акреативтә економика знапы алаку хыԥхьаӡара рацәада аекспертцәа афорум аҿы рыҟазаара иҳаилнаркаауеит, агәыӷрагьы ҳанаҭоит дареи ҳареи ҳаицхырааны ҳреспублика анаҩс иарбоу ахырхарҭа аҿиара зланаҭаша азԥхьагәаҭаратә хсаала ашьақәыргылара шҳалшо», – ҳәа иҳәеит иара.