Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа ангиографиатә маҵзуреи ангиографиа аппарати рҿы аус зуло аспециалистцәа разыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.
Едуард Быҭәба иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы аинтенсивтә терапиа апалата даҭааны игәеиҭеит. Аааигәа агәабзиарахьчара Аминистрра апалата азы арыԥҳақәа рыҩныҵҟа аҳауеиҭныԥсахларазы аппарат, афымцакардиографқәа ҩба, адефибриллиатор, афункциарацәа назыгӡо адиагностикатә аппарат, уҳәа амедицинатә маругақәа аанахәеит.
Едуард Быҭәба, иарбоу аиқәыршәага ҿыцқәа аҳақьымцәа русура арманшәалареи апациентцәа амедицинатә цхыраара рыҭара аҩаӡара ашьҭыхреи алдыршароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.