АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2025

Ҩыџьа урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа Гагра араион азааигәара амшын иагеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Пицунда ақалақь аҿы, апансионат «Литфонд» иахьаҵанакуа, аӡы дагеит 27-шықәса зхыҵуаз Петербург ақалақь аҟынтәи ԥсшьара ҳәа иааз Улиана Коновалова, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Уажәы иарбоу араион аҿы аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа мҩаԥысуеит», - ҳәа адырра ҟарҵеит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аҿы.  

Аиԥш-зеиԥшу арыцҳара ҟалеит Гаграгьы. Амшын анеисуаз ахаҵа амшын дагеит. Иҭахаз ихаҭара иахьа уажәраанӡа ишьақәыргылаӡам.  

«Уи иԥсыбаҩ аӡы ирзамымхӡацт, избан акәзар уи аҟәара 150 метрак рҟынӡа иацәыхараны иҟоуп. Ацәқәырԥара ахьыӷәӷәоу инамаданы иҭахаз иԥсыбаҩ аӡы амхра макьаназы иауӡом», - ҳәа адырра ҟарҵоит апресс-маҵзура аҿы.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥсшьаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рхь ааԥхьара ҟанаҵоит ишәарҭоу аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа инарымаданы амшын аҭалара аамҭала мап ацәыркырц, иара убас аҟәара азааигәарагьы ҷыдала агәҽанызаара аадырԥшларц.


Read 120 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.