АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2025

Аԥсны Ахада аԥсуа культура афестиваль «АԤСНЫ» алахәцәеи асасцәеи рыхьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада аԥсуа культура афестиваль «АԤСНЫ» алахәцәеи асасцәеи рыхьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иҳәоуп:

 

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәбатәи аԥсуа культура афестиваль «АԤСНЫ» аартра.

Ари аныҳәа — Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аимадара арӷәӷәразы есааира зҵакы еиҳахо акрызҵазкуа хҭысуп. Ари афестиваль атема — «Аԥсны — акультурақәа реихысырҭа» — даҽакы иеиԥшымкәа ҳтәыла аҟазшьа аныԥшуеит: ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Аԥсны ажәларқәа, аидеиақәа, атрадициақәа ахьеилысуаз ҭыԥын, ахатә хаҿра еиқәырханы, убри аан еиуеиԥшым акультурақәа рԥышәа еимырдон.    

Афестиваль «АԤСНЫ» — аҩызцәа реиԥылара мацараны иҟаӡам, ари Аԥсны аҳәаақәа рырҭбаара, адунеи аларҵәаразы лшара бзиоуп. Убри аангьы афестиваль иахьатәи Аԥсны адырра — атәыла аҿиаразы иҟарҵо, аҳәынҭқарратәра арӷәӷәара, ҳажәлар рыԥсҭазааразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы алшара ҳнаҭоит. 

Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Москва иҟоу аԥсуа диаспора. Шәара есқьынгьы шәыԥсадгьыл шәадҳәалоу, уи аҿиара шәлагала мта алажәгалоит. Убри аангьы аԥсуаа милаҭрацәала еилоу, ибеиоу Москва акультурагьы иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. 

Иахьа Аԥсни Урыстәылеи реиҩызареи русеицуреи есааира аӷәӷәара ианаҿу, ас еиԥш иҟоу акультуратә еиԥыларақәа  ыдала аҵак ду рымоуп.  

Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит аиубилеитә фестиваль «Аԥсны» амҩаԥгара.  Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, ҳаԥсадгьыл аԥсны иагымзааит аҭынчра, аизҳазыӷьара! Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиҩызара ԥкра ақәымзааит ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала.  

Нагӡара ақәзааит ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны! Ҽааныбзиала шәнеиааит, ҳауаажәлар!»


Read 129 times - Ашәахьа, 22 Цәыббра 2025 23:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.