АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 6:21

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымши Аҟәа ақалақь Ахақәиҭтәра амши разгәаҭара иазку аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2025 швқәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымши Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амши разгәаҭара иазку аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иалахәын атәыла аԥыза-министр Валери Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Беслан Ешба,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченко, Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Ҭемыр Агрба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа хада ҳажәлар рзы аҵак ду зламоу  ала иреиҳаӡоу аҩаӡара аҭаны ишеиҿкаатәу.

Аҳәынҭқарра Ахада, атәыла Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба  Бадра идҵала, цәыббрамза 30 рзы,  Аҟәа ақалақь Аидгылара амҩаҟны Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара анаҩс имҩаԥысуеит  атәылахьчара Аминистрра аррамаҵзурауааи егьырҭ амчратә еилазаарақәеи злахәу аныҳәатә ныҟәара.

Аиааира амш ныҳәазы иаартхоит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал, иара убас иазгәаҭоуп еиуеиԥшым аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рзы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп Урыстәыла, Аахыҵ  Уаԥстәыла  уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтә асасцәа жәпакы.

Ақалақь ахада Агрба Ҭемыр атәыла Ахада адырра ииҭеит цәыббрамза 27 азы, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амш азы аныҳәатә программа шеиқәыршәоу.

Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-министр Владимир Делба адҵа ииҭеит аныҳәа иазку аусмҩаԥгатәқәа ирылахәу    аусбарҭақәа рҽеимаданы русуразы аҭакԥхықәра аԥыза-аминистр иҳаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба инапы ианиҵарц.

 

  

 

 


Read 57 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.