АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2025

Олег Барцыц зыԥсҭазаара иалҵыз Станислав Лакоба иҭаацәа дрыдышшылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, еицырдыруа аҵарауаҩ Станислав Лакоба рыцҳарала иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Алахьеиқәҵаратә шәҟәы аҿы иануп:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала зыԥсҭазаара иалҵыз аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, еицырдыруа аҵарауаҩ Станислав Зосим-иԥа Лакоба иҭаацәеи игәакьацәеи срыдышшылоит.

Станислав Зосим-иԥа ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рҿы хәы змам алагала ҟазҵаз, иналукаашаз уаҩын. Иԥхьагылоу ҵарауаҩык иҳасаб ала Аԥсны аҭҵаарадырратә ԥсҭазаараҿы илагала дуун. Идунеихәаԥшышьақәеи иинтересқәеи рыҭбаара, ииашара, аԥсҭазаараҿы иааирԥшуаз активтә позициа иара иганахь ала гәык-ԥсыклатәи аҳаҭырқәҵара цәырнагон.

Станислав Зосим-иԥа иԥсҭазаара иалҵра ҳтәылазы харҭәаашьа змам цәыӡуп.

Ари алахьеиқәҵараамҭазы, Станислав Зосим-иԥа Лакоба иҭаацәеи иҭынхацәеи срыдышшылоит.

Станислав Лакоба дыздыруаз зегьы ргәаҵаҿы игәалашәара наунагӡа иаанхоит».

 

 

 

 


Read 45 times - Аҩаша, 23 Цәыббра 2025 01:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.