Асааҭ 12:00 инаркны асааҭ 22:00 аҟынӡа афестиваль 16 локациак рҿы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит – итрадициатәу амилаҭтә хәмаррақәа, ахыци ахәымпали рыла ахысреи кавказтәи аиогеи рзы аҟазара-аклассқәа, анардқәеи адоминои рзы атурнирқәа, Аԥсны акультуреи анапҟазареи ирызку авидеороликқәа дырбахоит, итрадициатәу ахысреи аҩыҭаҭәареи иазку алекциақәа.
Афестиваль аҭааҩцәа инарҭбаау аконцерттә программа рзыԥшуп – Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә инструментқәа роркестр, атрио YANAY, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа, Одиссеи Аџьынџьал, Алеқсандр Шьоуа, BLIZKEY, адидџьеицәа Shiri, Temo, аџьаз-бенд Friday Syndrom, акәашаратә коллективқәа «Амцабз», «Assa», иара убас уажәы Москва ақалақь аҿы инхо абаҩхатәра злоу аԥснытәи анагӡаҩцәа, уҳәа рықәгыларақәа.
Аҭааҩцәа аресторанқәа «Ача-Чача» реилазаарала еиҿнакааз агастрономиатә плошьадка аҿы аԥсуа чысхкқәа ргьама рбартә еиԥш алшара рзаԥҵахоит.
Асахьатә галереиа Shazina Gallery аҿы аекспозициақәа ҩба аартуп: акы агалереиа ашьаҭаркҩы Шьазина Агрба лгәалашәара иазкуп, аҩбатәи аҿы ицәыргоуп аҟәатәи ахатәы галереиақәа – The Wall Gallery, Awada рҟынтәи аусумҭақәа.
Ахәыҷқәа рзы еиҿкаахоит аҟазара-аклассқәеи алакәқәа раԥхьареи. Ф.Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр ахәаԥшцәа хәыҷқәа иднарбоит аспектакль «Аҵыҵындра» («Земляника»).
Аиҿкааҩцәа ирацәаны асасцәа рҭаара иазыԥшуп.