АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2025

«Росгосцирк» Аҟәа иарҳаз аԥарақәа Аԥсны ацхырааразы идәықәҵахоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба «Росгосцирк» адиректор хада Сергеи Белиаков дидикылеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аексперттә усбарҭа аиҳабы Инал Хишба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи  Шәачатәи ацирк адиректор Наталиа Шульгеи.

Беслан Ешба Сергеи Белиаков Аԥсны ҳамҭас иарҭаз аныҳәазы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.  

Рашәарамза  14 инаркны цәыббрамза 21 аҟынӡа Аԥсны ақәгыларақәа мҩаԥнагон урыстәылатәи ацирк «Агәымшәақәа реҵәаџьаа».

Беслан Ешба Сергеи Белиаков иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҳтәыла ахәыҷқәа ирзаԥырҵаз аныҳәа азы, дара 1500-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рзы хәыда-ԥсада ақәгыларақәа мҩаԥыргеит. «Ҳара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ари аныҳәа шьахә аиҿкааразы. Ҷыдала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ахәыҷқәа рзы еиҿкааз апрограмма азы: Зқьи бжаки инареиҳаны ахәыҷқәа рзы хәыда-ԥсада ақәгыларақәа мҩаԥыргеит. Ҳара иааиуа ашықәс азы ҳусеицура ишацҵахо, иҿыцу аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥгахо азы агәыӷра ҳамоуп», – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Ахәҭакахьала, «Росгосцирк» адиректор хада Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ацирк ахь иаадырԥшыз азҿлымҳареи раҭаареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ҳара Аԥсны анапхгара алахәылацәа ҳрыцны ацирк актәи ақәгылара ҳаҭааит. Иумбар залшомызт ахәаԥшцәа – хәыҷи дууи ирбоз ишеигәырӷьоз, еихсыӷьрада анапеинҟьарала артистцәа ишырԥылоз», – ҳәа иҳәеит Сергеи Белиаков.

Уи иара убас «Росгосцирк» Аҟәа иарҳаз аԥарақәа Аԥсны ацхырааразы идәықәҵахоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Шәара иалышәхыр шәылшоит ҳара ацхыраара заҳҭар зылшо анаплакы, ҳара аԥарақәа зыгьы Аԥсны иааҳашьҭуеит», — ҳәа иҳәеит иара.

Беслан Ешба асас даҽазнык иҭабуп ҳәа еиҳәеит, анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟынтәи аџьшьаратә шәҟәы инапы иаиркит.  

Динара Смыр убасҵәҟьа акультура аминистр Даур Ақаҩба ихьӡала асас аџьшьаратә шәҟәы илыркит.    

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе Аԥсны атәылауаа рхәыҷқәа рыманы атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи  ишьаху ацирктә қәгыларақәа ирыхәаԥшырц Аҟәаҟа иаауан ҳәа иазгәеиҭеит.

Ахәҭакахьала, Шәачатәи ацирк адиректор  Наталиа Шульга ҭагалан азы дара убасҵәҟьа Аԥсны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭаны ирымоуп ҳәа иазгәалҭеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. 

 

 

 

   


Read 32 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.