Аганқәа Ареспублика Аԥсны Анапхгареи Псковтәи аобласт Анапхгареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, анаука-техникатәи асоциал-культуратәи аусхкқәа рҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроекти уи анагӡаразы 2025-2027шш. рзы аусмҩаԥгатәқәа рыплани иалацәажәеит.
Владимир Делба Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерников аусеицуразы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
«Асоциалтәии аекономикатәи ахырхарҭала аҿиареи акультуратәии аусуратәи аимадарақәа рышьақәыргылареи ҳалзыршо акыр зҵазкуа азҵаарақәа аус рыдулара мҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.
Авидеоконференцеимадара рхы аладырхәит Аԥсны аԥыза-министр Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Миквабиа, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, аҵара аминистр Хана Гәынба, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роман Ҵкәуа, агубернатор ихаҭыԥуаҩ Нинель Салагаевеи Ольга Тимофеевеи, Псковтәи област аҵара аминистр Андреи Ермаков, Псковтәи аобласт аџьеи аусзкреи рминистр Алиона Трунова.