АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2025

Аԥсни Шьамтәылатәи абаӷәазақәеи ишиашоу мшынла аимадара рыбжьаҵара азҵаара иахәаԥшуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни ШЬамтәылатәи амшынбаӷәазақәеи ишиашоу аимадара рыбжьаҵара азҵаара иахәаԥшуеит, ҳәа ТАСС акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб. Аганқәа алогистикеи атранспорти русхкы аҿы алшарақәа реилкаареи рхархәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа инарҭбааны иалацәажәоит.

«Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи ҳареи анапхгарақәа рыҩаӡареи ахылаԥшырҭақәа рыҩаӡареи рҿы аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵахьеит, ҳколлегацәеи ҳареи иара убас атранспорт-логистикатә еимадарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа аус рыдааулоит. Ҳаԥхьаҟа, ҳәарада аҳаиреимадара азҵаара шьҭаҳхраны ҳаҟоуп, избан акәзар Дамаск аҳаирбаӷәаза аус ауеит», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Ҭеимраз Амқәаб агәра ганы дыҟоуп, Аԥсни Шьамтәылеи ишиашоу амшынла аимадара  рыбжьаҵара аҩганк рзы феида аланы ишыҟало.

Аԥсны аекономика аминистрра ахада Аԥсны ахаҭарнакцәа злахәыз 62-тәи Жәларбжьаратәи дамассктәи ахәаахәҭра-цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны  Шьамтәыла атуризм, акультура, аекономикеи ахәаахәҭреи рминистрцәа реиҿцәажәарақәа мҩаԥысит ҳәа   инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәсазы, уи ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит.


Read 129 times - Ахаша, 24 Цәыббра 2025 15:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.