АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2025

Адгәыр Ҳаразиа иганахьала ашьаус Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адгәыр Ҳаразиа иганахьала ашьаус цәыббрамза 23 рзы Апрокуратура Хада аҟынтәи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭуп.  

Ҳаразиа Адгәыр Рафеҭ-иԥа иҟаиҵаз иумҭа Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи, иара убас ахәҭаҷ  217, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура – амцабџьари уи азы аџьаԥҳани изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аныҟәгара – ирыҵанакуеит.

Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса, асааҭ  13:00 инарзынаԥшуа, Апарламент ахыбраҿы имҩаԥысуаз аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы Аилак аилатәара аҿы акриптовалиута амаининг арҳаразы амаругақәа рхархәара ақәиҭымтәра азы азакәан апроект алацәажәараан адепутатцәа Кан Кәарҷиеи Адгәыр Ҳаразиеи ирыбжьалаз ажәеимакра иахылҿиааз аиҿагылараан  Адгәыр Ҳаразиа имаз абџьар ихы иаирхәит, уи ԥшьынтә еиҵамкәа дхысит. Убри аан ихахәы ақәиаарҭа ахь, иара убас ижәҩахыр ахь ахәрақәа иоуит адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Леон»  иорден акавалер,  «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Кан Кәарҷиа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Вахтанги Голанӡиа игәахьы ахәра иоуит. Уи Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган игәеисреи иԥсыԥлагаҩагареи ыҟамкәа (аклиникатә ԥсра аҭагылазаашьа). Иара иаразнак аԥсеиқәырхарҭа аҟәшахьы днаргеит, ареанимациатә усмҩаԥгатәқәа ирылагеит, аха рыцҳарас иҟалаз, урҭ лҵшәадахеит. Вахтанги Гәаланӡиа иԥсҭазаара далҵит. Уаанӡа зыԥшаара рылаҳәаз Адгәыр Ҳаразиа дааныркылеит рашәарамза 14, 2025 шықәса рзы. Рашәарамза 15, 2025 шықәса рзы Адгәыр Рафеҭ-иԥа Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи, иара убас ахәҭаҷ  217, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура – амцабџьари уи азы аџьаԥҳани изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аныҟәгара рзы ахара идҵан. 

 


Read 108 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.