АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:29

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ркоманда ахәмаррақәа «Зарница 2.0» рҿы абыжьбатәи аҭыԥ ааныркылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара аминистр Хана Гәынба Урыстәылазегьтәи арра-патриоттә хәмарра «Зарница 2.0» алахәылацәеи аноминациа «Аотриад иреиӷьу акомандаҟаҵаҩ» аҿы аиааира згаз Руслан Ҵәыџьбеи дырԥылеит.

Руслан икатегориа аҿы иреиӷьу акомандаҟаҵаҩ ҳәа далкаахеит. Уи иааирԥшит зыҩаӡара ҳараку аԥызаратә ҟазшьеи акомандаҿы аусуралшареи.

Асапиорцәа реиндаҭлараҿы хаҭалатәи аԥхьахәгараҿы аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Алиса Қабԥҳа, уи зеиӷьаҟам аҽазыҟаҵареи алшарақәеи аалырԥшит.

Ахәмаррақәа «Зарница 2.0» аихшьаалақәа рыла Аԥснытәи аотриад абыжьбатәи аҭыԥ ааннакылеит, арра-тактикатә хәмарра аҿы –аԥшьбатәи аҭыԥ.  

Хана Гәынба ахәмарра иалахәыз ахәыҷқәа зегьы алҵшәа бзиақәа ахьаадырԥшыз азы дрыдныҳәалеит.

«Шәара ҳара даараӡа ҳшәыргәырӷьеит. 103 команда злахәыз аицлабрақәа рҿы Ареспублика Аԥсны еизгоу акоманда даара иҳараку алҵшәа аанарԥшит. Ҳара ҳзы гәадуроуп иреиӷьу акомандаҟаҵаҩыс дахьалкаахаз аԥснытәи акоманда акомандаҟаҵаҩ. Сара гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ламысла зтәыла, ззанааҭ амаҵ азызуа шәара шәазыҟаҵаҩцәа, шәнапхгаҩцәа. Аманшәалареи ақәҿиара дуқәеи шәзеиӷьасшьоит», –  ҳәа илҳәеит лара.

Аҵара Аминистрра аџьшьара аҳасабала акоманда алахәылацәеи урҭ рнапхгаҩцәеи ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа раан Санкт-Петербургҟа рцара ахә ашәоит.

Аделегациа анапхгаҩы Зуиад Шенгелиа Аԥсны акоманда ахәмаррақәа ралахәхара шыҟалаз атәы еиҭеиҳәеит.

«Ҳара иҳацын Аҟәа ақалақь ашколқәа рҟынтәи 10 - ҩык ахәыҷқәа –  хәҩык аӡӷабцәеи хәҩык аҷкәынцәеи. Урҭ арратә ҽазыҟаҵара иахысуан, анаҩс ироуз адыррақәа арратә хәмарраҿы рхы иадырхәон. Ахәыҷқәа, ус иуҳәар ҟалозар хҭацәыха рымамызт, имтәа-имгыла ҽынла еиԥш ашьыжь шаанӡагьы «аибашьрақәа» мҩаԥыргон. Ахәыҷқәа еиуеиԥшым арратә тематика иадҳәалоу атактикатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргон», - ҳәа иҳәеит Зуиад Шенгелиа.

Апроект «Зарница 2.0» апатриоттә ааӡара атрадициатә формақәеи ҳаамҭазтәи ацифратә технологиақәеи реилагӡарала аҿар рыҿиареи атәылауаҩратә ҭакԥхықәра рылааӡареи иазырхоуп.

2025 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит  Урыстәыла 89 регион аҟынтәи  3,1 миллион-ҩык ашколхәыҷқәеи астудентцәеи. Афинал аҩбатәи аетап аҿы еицлабуан атәыла арегионқәа зегьы, ахылаԥшратә еиҿкаарақәа, иара убас  Беларусиа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ркомандақәа рҟынтәи 890-ҩык ахбыџқәа. Апроект иаҷыдаҟазшьаны иҟоуп абжьгаҩцәа ралахәхара. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Иҷыдоу арратә Операциа алахәылацәеи Урыстәыла Афырхацәеи.

 

 

 

 

 


Read 92 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.