АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Цәыббра.2025

Бадра Гәынба Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азҵаарақәа рзы аинструкциа-методикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥигоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба атәылахьчара Аминистрра аҿы аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азҵаарақәа рзы аинструкциа-методикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥигоит.

Аҽазыҟаҵарақәа рхы аладырхәуеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, аминистрцәа Реилазаара, Ашәарҭадара Ахеилак анапхгараҭарақәа, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, иара убас атәыла амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа.

Азыҟаҵарақәа реихшьаалақәа рыла Бадра Гәынба Арбџьармчқәа рнапхгараҭара хықәкылатәи адҵақәа аиҭеит.   

 

***

Ареспублика Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба атәылахьчара Аминистрра аҿы аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы иқәгылара. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иазку аилатәараҟны иқәгылара.

"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыҟны архәҭақәа ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рзы аҵарашықәс хыркәшахоит жьҭаарамза жьҭаарамза 13 инаркны 17-нӡа.

Ари аԥхьа имҩаԥысит Арбџьар мчқәа ахатәы еилазаара арратә зыҟаҵарақәа. Аҵарашықәс иалагӡаны имҩаԥган 36 усмҩаԥгатә еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәеи  ааоақәеи Аштаб хада аоперативтә еилазаареи архәҭақәеи, аидгыларақәеи архәҭақәеи ркомандатэ елазаареи алархэны.

Архэҭақәа рыҟны имҩаԥган:

арратә аҟәшақәа имҩаԥыргаз аибашьратә хысрақәа 24;

 арратә взводқәа имҩаԥыргаз аибашьратә хысрақәа 12; аротатә тактикатә зыҟаҵарақәа 4 арратә хысра рыцҵаны;  иҷыдоу атактикатә зыҟаҵарақәа 6  арратә хысрақәа рыцҵаны;  Имҩаҧгоуп архәҭақәа анҭыҵтәи рхысрақәа-6.

Иҷыдоу азҿлымҳара аҭан арезервтә шьақәгыларақәа разыҟаҵара, имҩаҧысуан аоперативтә, амобилизациатә, адҵаҟаҵаратә ҽазыҟаҵара аформақәа зегьы рыла.  Акоманда-штабтә зыҟаҵарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи агәыҧқәа  рырхәҭақәа "Мрагылара" алархәны имҩаԥгоуп зынӡа -7. Абар уажәшьҭа ҩышықәсоуп инеиҧынкыланы имҩаҧысуеижьҭеи  иҷыдоу атактикатә  ҽазыҟаҵарақәа арзервтә бригадақәа  алархәны.  Аҵарашықәс иалагӡаны ас еиԥш иҟоу азыҟаҵарақәа 64 мҩаԥысуеит.

Иахьа ҳара иҿыцу аҩаӡарахь ҳхалоит, раҧхьаӡа акәны атәылаҟны имҩаҧгахоит зымҽхак ҭбаау, аҵакы змоу аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа.

Иазгәасҭоит, Аштаб хада ишеиқәнаршәаз, насгьы еиуеиԥшым авариантқәа шцәырнагаз азыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы. Сара иалысхит иагьышьақәсырӷәӷәеит зегь раасҭа иуадаҩыз ахықәкы Адҵаҟаҵаҩ хада иаҳасабала хаҭала азыҟаҵарақәа напхгара рысҭалоит.

Иарбоу аҵара  ҳархәҭақәа истандартәым аҭагылазаашьақәааус рыдулара иазҳәоуп, ҳаӷа дызқәымгәыӷуа, Аԥсны адгьылҵакыраҟны имҩаԥыслоит хәымш ирылагӡвны, уахгьы-ҽынгьы, Арбџьармчқәа ррезервистцәа алархәны. Ари аҭакԥхықәра ду рыднаҵоит акомандаҟаҵаҩцәа зегьы.

Иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа иақәшәо аԥҵаразы, иеиҿкаахоит еиҿагылоу архәҭақәа ҩба,  урҭ аицлабра арежим ала архәҭақәа напхгара рыҭара аадырԥшуеит.

Аоперативтә ҭагылазаашьа есааира амҽхак ырҭбаауа, комплексла архәҭақәа аҭынч ҧсҭазаараҟынтә аибашьра аамҭахь  риагара, аҵакырадгьылтә хьчара иазку аоперациақәа рҽырзыҟаҵареи рымҩаԥгареи.

Ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа аҵак ду змоу аҭыԥ ааныркылоит, даргьы алахәхоит амобилизациатә усмҩаԥгатәқәеи атәыла ахьчареи ирызку азыҟаҵарақәа.

Ари азыҟаҵара хықәкыс иамоуп Арбџьар мчқәа реилазаара иалоу аҳәынҭқарратә мчрақәа, аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, амчратә еилазаарақәа рылархәра. Аҳәынҭқарратәи аибашьратәи ҵаки змоу амаҵзурауаа зегьы аибашьраан рнапынҵақәа рынагӡареи Арбџьар мчқәа ирыҵанакуа ауснагӡатәқәа рынагӡареи иахьынӡарызхиоу агәаҭара иазку.

Ҳазҭагылоу имариам аамҭақәа рзы, адунеи иҿыцу ашәарҭарақәа ианырҭагыло, даҽа аамҭанык иеиԥшымкәа ҳара зегьы аруаҩ инаиркны Адҵаҟаҵаҩ хада иҟынӡа зегьы Аҧсадгьылк шакәу иҳамоу, уи ҳшахәҭаку, иара ахьчаразы аҭакԥхықәра хаҭа-хаҭала зегьы ишҳаду».

--

 


Read 63 times - Ахәаша, 26 Цәыббра 2025 16:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.