АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Цәыббра.2025

Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион анапхгара ахаҭарнакцәа  дырԥылеит,аилацәажәара мҩаԥысит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны.

Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәеи ақыҭақәа рхадацәеи.

Цәыббрамза 9, 20, 2025 шықәса рзы иҟалаз ақәыршҩы араион ааха ӷәӷәа анаҭеит.Араион Ахада Саид Ҳаразиа Аҳәынҭқарра Ахада аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы араион Ахадара имҩаԥнагаз ауснагӡатәқәеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи рзы адырра ииҭеит.

«Гәылрыԥшь араион аҟны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы хәҩык рыла ишьақәгылоу, есымша аус зуа акомиссиа аԥҵоуп. Урҭ ақыҭақәеи аҳаблақәеи рнапхгаҩцәа ирыцны аԥсабаратә рыцҳара иҟанаҵаз аԥхасҭа азы арзаҳалқәа ирыхәаԥшуеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит иара. сообщил он.

Уи иажәақәа рыла, ақәоурақәа ирыхҟьаны аиланхарҭатә ҭыԥқәа: Каштак, Маҷара, Баӷмаран, Мархьиаул, Аҩадатәи Ԥшьаԥ, Агәыӡера ақыҭақәа ааха роуит, ареспубликатә мҩаду аӡәы ықәлеит, Арра-аҟәатәи амҩеи аҳаблабжьарамҩақәа реиҳараки ӷәӷәала аԥхасҭа роуит.

Ихыҵыз аӡиас ауаа рыҩнқәеи рынхарҭақәеи ирықәлеит, аандақәа агеит. Каштак аҳаблаҿы аӡымҩангага ааха аиуит. Ихжәаз аҵлақәа х-машьынак ирықәҳаит, руакы аиҭашьақәыргылара ауӡом.

Араион ӷәӷәала аԥхасҭа аиуит: Арра-аҟәатәи амҩа аҿы ацҳақәа ҩба аԥхасҭа роуит, руакы аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, уи ала ақәсра шәарҭоуп ауааԥсыра рзы. Агәӡера аҳаблан Парнаут аӡиас аҿы адамба ахәҭак бгеит, уи иахьҟаны автомҩа ахархәара ашәарҭара иҭанаргылеит. Иара убас аихамҩатә цҳа аҵыӡәӡәара ашәарҭара ыҟоуп.

Саид Ҳаразиа уажәы рхатәы лшарақәеи хатәгәаԥхарала иҟаҵаз алагалақәа рыла иаахәаз иҷыдоу атехника ахархәаралеи араион ақыҭақәа зегьы рҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра алархәны мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иаагозар, Агәыӡера аҳаблан аҩнеихагылақәа 16 рхыбқәа рыхнахит, урҭ реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит. 15 хыб еиҭашьақәдыргылахьеит, акы аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит.  

«Иазгәасҭарц сҭахуп, шәаргьы ахшыҩзышьҭар ашәҭарц сшәыҳәоит аиланхарҭатә ҭыԥ Каштак ҷыдала иуадаҩу аҭагылазаашьа шышьақәгылаз. Арра-аҟәатәи амҩала ацҳа абгара, Парнаут ақыҭаҿы амҩа аԥхасҭахара, иара убас Агәыӡера аҳаблан аихамҩатә цҳа аҵыӡәӡәаара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит араион ахада.

Саид Ҳаразия иара убас иаҵшьны иҳәеит атәыла анапхгара аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы атәыла анапхгара адгылара шрынаҭо.  аиланхарҭатә ҭыԥқәа рыҟны иҟоу аҭагылазаашьа атәы, иҟоу аԥхасҭеи урҭ рырҽеиразы имҩаԥгоу аусурақәеи ртәы.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа алҵшәа ирымоу атәы, иҳәеит техникала ацхыраара рыҭара дшазхиоу.  

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит аԥыза-министр инапы ишаниҵаз ақәыршыҩқәа аԥхасҭа ӷәӷәаны иахьарҭаз аҭыԥқәа иацҵаны ацхыраара рыҭара.

 

 

 

 

 


Read 88 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.