«Асимволтә ҵакы амоуп шәкомандеи Шәареи ҳара ҳзы ихадоу аныҳәа – Аиааира Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа шәхы алашәырхәыц шәаара. Ҳара ҳаиашьаратә жәларқәа аибашьраан ирхыргаз амшқәа зегьы ҳаҭырқәҵарыла иргәалашәоит. Иазгәаҭатәуп, ишьаху традицианы ишышьақәгылаз абас еиԥш иҟоу аныҳәақәа раан наҟ-ааҟ аиҭанеиааира, аидныҳәалара.
10 мыш раԥхьа Аҳәынҭқарра Ахада зхадараҿы дыҟаз ҳара ҳделегациа Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла ашьақәгылара 35-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын. Ари даара асимволтә ҵакы змаз ныҳәан. Ҳара иаабоит ауаа шаҟа бзиа ирбо рыԥсадгьыл, ишеилыркаауа уи ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иахҭынҵоу», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Аԥыза-министр Цхьынвал имҩаԥысыз Актәи Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа акыр аҵак ду аманы иԥхьаӡоит.
«Ҳара ҳнапы аҵаҳҩит, ҳгәаанагарала, акырӡа зҵазкуа аусшәҟәы – атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы аиқәшаҳаҭра, уи ҳтәылақәа рыбжьара аусеицуразы инацҵаны аимпульс арҿиоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.
Константин Џьуссоев аԥхара зцу адкыларазы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
«Ҳара арахь ҳааит арҭ аныҳәатә мшқәа ирыцу агәырӷьара шәыцеиҩаҳшарц. Ҳажларқәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа акырӡа ҵуеит ишьақәгылеижьҭеи. Сара агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы урҭ хра злоу аҿиара шаиуо, есааира еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахало», – ҳәа иҳәеит иара.
Владимир Делба Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни аибашьра аныҟаз аамҭазы аҭынч уааԥсыра доусы русқәа кажьны ацхырааразы иааит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аибашьра ҳтәылақәа рҭоурых ашықәсҩыраҿы иаанхароуп», - ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц, аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа, Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаҩратә хьчара, иҷыдоу аҭагылазаашьақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгареи рминистр Ибрагим Гассеев, Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла Алхратә комиссиа Хада алахәыла Николаи Гаглоев, Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла Анапхгара Аппарат анапхгаҩы Алина Парастаева.