Сергеи Фомин «Росэнергоатоми» Аԥсны аҵара Аминистрреи Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети еицынарыгӡо апроектқәа ртәы еиҭеиҳәеит, уи иара убас атәыла Анапхгара апроектқҵәа рынагӡараҿы ҟанаҵо адгыларазы ҭабуп ҳәа иҳәеит.
Ҳаамҭазтәи аспорттә технологиақәа Рцентр абзоурала Аԥсны имҩаԥысуеит аспорттә усмҩаԥгатәқәа, иаатуеит аспорттә дәқәа, Аԥснытәи аспортсменцәеи азыҟаҵаҩцәеи Урыстәыла иҟоу аҵараиурҭақәа рҿы рзанааҭтә дырра аҩаӡара шьҭырхуеит, Урыстәыла еиԥш Аԥсныгьи имҩаԥысуа афорумқәеи асеминарқәеи рхы аладырхәуеит.
Аконцерн ҳаамҭазтәи аспорттә технологиақәа Рцентр адиректор Хада Ҭҟәарчал ақалақь аҿы, «Росэнергоатом» ацхыраарала ашахматтәи амҵәышәмпылатәи алигақәа шаԥҵахо атәы еиҭеиҳәеит. Аспорттә программаҟаҵара азы аҿартә Лига аҿы рхы аладырхәуеит 35-ҩык Ҭҟәарчалынтәи ахәыҷқәа. Зынӡа 200–ҩык инарзынаԥшуа Ҭҟәарчалынтәи ахәыҷқәа еуеиԥшым асекциақәа рхы аладырхәеит.
Аԥыза-министр Ацентр инанагӡо апроектқәа ирыҵоу аҵакы ахадара азгәеҭеит, Аконцерн «Росэнергоатом» анапхгараҭара Аԥсны аҿар ианаҭо адгылареи ацхыраареи рзы иҭабуп иҳәеит.