АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2025

Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәарҭоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ихадоу аныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ари амш аҽны аветеранцәа еизоит, иргәаладыршәоит 32-шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа, ирываршьааз рҩызцәа ҳаҭырла иргәаладыршәоит, урҭ рзаҭгәынқәа ирҭаауеит.

  • Асааҭ 09:30 рзы –  Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара инамаданы амаланыҟәала аиасра мҩаԥгахоит.
  • Асааҭ 10:00 рзы –  Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны жәлар Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа алагоит.
  • Асааҭ 11:30 рзы – Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 32-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арратә парад агәыԥқәа ацәаҳәа рықәыргылара, анаҩс  Арратә паради «Ԥсра зқәым архәҭеи» мҩаԥысуеит.  
  • Асааҭ 12:40 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.
  • Асааҭ 14:10 рзы – – Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада С.У.Багаԥшь Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.
  • Асааҭ 18:30 рзы – С.Иа.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы аҳәынҭқарратә арҿиаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи злаху аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит. 
  • Асааҭ 20:00 рзы – аныҳәатә салиут.

32 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы  Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну Егры аӡиас аҟынӡа инаӡаны, уаҟа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит. 413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа атәыла ралцарала ихыркәшахеит. Ареспублика аҿы иҟамзар ҟалап ҭаацәаракгьы ари аныҳәа гәырӷьара дула иахьазгәарымҭо.

Ари амш аамҭак ала агәырӷьареи алаӷырӡи зцу ныҳәа дууп. Уи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра ахыркәшара амш ҳәа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.

Цәыббрамза, 1993 шықәсазы Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараан аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Мҩадуцыԥхьаӡа, ҩныцыԥхьаӡа, абжьаларҭақәа, ахыбрақәа, уҳәа, шьаҿа-шьаҿала аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭхон.  Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Аҟәа аӷа даламкәа аҭарцәра иаанагоз Аԥсны аӷа далцоуп акәын! Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа дыԥхаҵан шьҭахьҟа. Арҭ ажәыларақәа раан уааԥсылеи техникалеи акыр ацәыӡ зауз аӷа ирхәҭақәа макьаназы аоккупациа зызуз Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рҿы  еффективла аҽагылара амҩаԥгара алымшо иалагеит. 

Цәыббрамза 28 рзы Гәылрыԥшьи Очамчыреи рҳәаа иаԥну Кәыдры  аӡиас ацҳаҿы еиԥылеит Аԥсны Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рырхәҭақәа. Цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалыҩ иҟынтәи зынӡа ахы иақәиҭхеит. 

Ари амш аҽны агәалашәаратә, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы имҩаԥыслоит.  

 

 

 

 

 

 

 


Read 95 times - Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 16:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.