АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2025

Аԥсны Анапхгара Актәи Ахада Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Актәи Ахада  Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аахыҵ Уаԥстәыла Анапхгара ахантәаҩы Константин Џьуссоев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз аибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи.


Read 100 times - Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 16:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.