Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Ахантәаҩы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Жәлар Резара-Апарламент адепутатцәа, Алада Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьусоев, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын Урыстәылатәи Афедерациеи Алада Уаԥстәылеи рыҟнытә ҳаҭыр зқәу асасцәеи аделегациақәеи
32 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну Егры аӡиас аҟынӡа инаӡаны, уаҟа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит. 413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа атәыла ралцарала ихыркәшахеит.