АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2025

Жьҭаарамза 5 рзы Аԥсны жәлар рпоет Платон Бебиа диижьҭеи 90 шықәса ҵит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 5 рзы Платон Бебиа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан  90  шықәса.

Еицырдыруа аԥсуа поет, апублицист, аиҭагаҩ Бебиа Платон Хәамԥа-иԥа диит жьҭаарамза 5, 1935 шықәсазы Очамчыра араион Кәтло ақыҭан. Аҵара иҵон Џьгьардатәи, Кәтолтәи, Тамшьтәи ашколқәа рҿы. 1954 шықәсазы П. Бебиа дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт, далгоит 1959 шықәсазы.

1965-1968 шықәсқәа рзы дҭоуп /датәарада/ А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт.

Акьыԥхь дцәырҵит 1952 шықәсазы.

1979 шықәса инаркны 2006 шықәсанӡа Платон  Бебиа ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» даредактор хадоуп. 2006 шықәса раахыс директорс дамоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә педагогикатә шәҟәҭыжьырҭа.

 Иаҭәашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара, Аԥсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихуп.

Платон Бебиа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 15 шықәса анихыҵуаз. Раԥхьатәи ирҿиамҭақәа аџьыԥхь аҿы ицәырҵит 1952 шықәсазы. Апоет ирҿиамҭақәа ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Звезда», «Наш современник», «Молодая гвардия»; агазеқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Бзыԥ», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Литературная газета», «Литературная Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә», уҳәа егьырҭ аҭыжьымҭақәа рдаҟьақәа рҿы икьыԥхьхон.  

Хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәеи аповестқәеи, ароманқәа дравторуп.   Апоет иажәеинраалақәа жәпакы «Антология абхазской поэзии. XX век» 2-тәи атом ианылеит (Аҟәа-Москва, 2001; 2009).

Иҭижьит 25 ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәеи ажәабжьқәеи, ароманқәа «Западня», «Скоморохи», «Каменная ноша» (иажәеинраалоу ароман) реизгақәа.

Аурыс бызшәахьы еиҭаганы Москва ақалақь аҿы иҭыхьын Платон Бебиа ашәҟәқәа: «Спящая река». Ажәеинраалақәеи апоемеи; «Радуга». Ажәабжьқәа. 1982; «И катится золотая арба». Ароман. 1989.

Платон  Бебиа ирҿиамҭақәа украинатәи, аерман, уҳәа абызшәақәа рахь еиҭаргахьеит.

Платон Бебиа ибзианы деицырдыруан иара убас аиҭагаҩ иаҳасабалагьы. Иара аԥсуа бызшәахьыц еиҭеигеит А. С. Пушкин ирҿиамҭа «Медный всадник», Р. Биорнс, С. А. Есенин, Г. Лорки, Н. Хикмет, Л. Украинка, С. В. Михалков, Е. А. Евтушенко,  К. Ш. Кулиев, Џь. К. Лагучев ражәеинраалақәа, Ч. Т. Аитматов иажәабжьқәа.

 

 

 

 


Read 87 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.