АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жьҭаара.2025

Жьҭаарамза 6, 1992 шықәса рзы Гагра араион Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи иҭарцәын.

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭра амш 33-шықәса ахыҵит. Иахьа Гагра ақалақь аҿы иазгәарҭоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз раԥхьатәи Аиааира. Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәу зегьы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. 

Ахәылбыҽха аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит.

33 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 6, 1992 шықәса рзы Гагра араион Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәын.

Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ, аполковник Владимир Ашба, атәылахьчара Аҳәынҭкомитет аштаб аиҳабы, аполковник Сулҭан Сосналиев, Гагратәи афронт акомандаҟаҵаҩ инапынҵақәа назыгӡоз, аполковник Сергеи Дбар аус здырулаз аплан инақәыршәаны, жьҭаара 2, 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыцхыраарала Гагра араион аҭарцәразы ажәыларатә аоперациа нап адаркит. Аоперациа хықәкыс иаман Ԥсоу аӡиас аганахьала ақырҭуа блокада аԥыхреи адгьылмҩала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынӡа анаӡара алыршареи.

Жьҭаарамза 6 рзы – Аԥсны Аҩада-Мраҭашәаратәи ахәҭа зегьы ахы иақәиҭхеит. Ари Аԥснытәи архәҭақәа раԥхьатәи риааира акәын.

Аҭоурыхҭҵааҩы Уаликәа Ԥачлиа ишәҟәы «1992-93 шш. Қырҭтәылеи Аԥсни реибашьра» аҿы иҩуеит абас:

«Ажәылара алагара азԥхьагәаҭан цәыббрамза 30, 1992 шықәса рзы. Аха уи атехникеи ахатәы еилазаареи ишахәҭоу разыҟаҵара ахьзалмыршахаз иахҟьаны еиԥҟьеит.  Убас, иҟаз аминаршәгақәа рхиамызт, иҟаз ҩ-танк рҟынтәи акы аус ауӡомызт, насгьы Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа ҩ-сааҭк иагханы иааит. Ихәлеит, аполковник Сергеи Дбар адҵа ҟаиҵеит аамҭала ажәылара ааныркыларц азы».

Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа «Афырҭын» («Буря») алагеит жьҭаарамза 1, 1992 шықәса рзы.  

Аӷа  итанкқәа, иабџьар, иџьаԥҳаны, уҳәа зегьы кажьны дхьаҵны Гьечрыԥшьҟа ихы ирхеит. Анаҩс аҿагылаҩцәа рыхәҭак еиԥхьытта абнареи ааигәа-сигәа иҟаз ақыҭақәеи рҿы рҽырҵәахит, егьырҭ, ирымаз абџьар ааныжьны Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа иахыҵны ицеит.  Жьҭаарамза 6, 1992 шықәса рзы, асааҭ 6, 40 минуҭи рзы Ԥсоу ала ицо Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Қәҿиарала имҩаԥгаз Гагратәи ажәыларатә операциа иалҵшәаны абарҭ қырҭтәылатәи архәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи рықәгара алыршахеит: Дидгортәи, Цхалтубатәи, Руставтәи, Қәҭешьтәи, 101-тәи Гагратәи абаталион, иара убас илыԥшааху арратә ҟәшеиҵақәа – «Мхедриони» (Џь. Иоселиани), «Тетри арциви» (Гь. Ҟарҟарашвили).

Гагра ақалақьи уи иаԥну араионқәеи рхақәиҭтәразы ажәыларақәа рымҩаԥгарала аԥсуа архәԥақәа иргеит  35 цыра рҟынӡа арратә техника, жәабала артиллериатә шьақәгылагақәа, аминаршәгақәа, хыԥхьаӡара рацәала аџьаԥҳаны»,- ҳәа иазгәаҭоуп ашәҟәы аҿы. 

Гагратәи ажәыларатә  операциа аҿы, аҭоурыхҭҵааҩ иажәақәа рыла, аԥсуаа рганахьала иалахәыз рҟынтәи автоматтә бџьарла еибыҭаз рхыԥхьаӡара 570-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Егьырҭ аибашьцәа ашәарыцага шәақьқәа ракәын иркыз (зыхҭаларшә 12 и 16 мм. рҟынӡа инаӡоз). Иара убри аамҭазы ақырҭуа архәҭақәа рҟынтәи ари ажәылара иалахәыз рхыԥхьаӡара ԥшьнызықь ҩык иреиҳан. Урҭ ацхыраара рырҭон 40 инареиҳаны акәылӡтехника, жәабала артиллериатә шьақәгылагақәа, аминаршәгақәа, иара убас авиациа. Аибашьыгатә техника акәзар, уи аԥсуа еибашьцәа усҟан ирыман атанкқәа ҩба- Т-55, иара убас аполктә минаршәгақәа ҩба.

Жьҭаарамза 2, 1992 шықәса рзы  Жьҭаарамза 2,1992 шықәса рзы Аԥснытәи арратә хәҭақәа хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыцхыраарала Гагра ахақәиҭтәразы қәҿиарала ажәылара мҩаԥыргеит, жьҭаарамза 6 рзы – Аԥсны Ԥсоу аӡиас аҟынӡа Аҩада-Мраҭашәаратәи ахәҭа зегьы ахы иақәиҭхеит. Ареспублика ақырҭуа блокада аԥыхреи адгьылмҩала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынӡа анаӡареи рзы алшара аиуит.

Гагра араион ахақәиҭтәра иазкыз ажәыларатә операциа амҩаԥгараан иҭахеит 112-ҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рахьынтә 15-ҩык хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ракәын. «Гагратәи ажәыларатә операциа амҩаԥгара иалҵшәаны Аԥсны ақырҭуа блокада иалҵны адгьылмҩала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынӡа анаӡаразы алшара роуит. Хыԥхьаӡарала акыр имаҷу, зылшарагьы ԥку аԥсуа жәлар миллионҩыла еилоу Қырҭтәыла аҿагылара алшаӡом ҳәа адунеитә еилазаара аҿы иҟаз агәаанагара аҽаԥсахит. Аԥсны ажәлари анапхгареи аӷа ииааира шалыршахо азы ирымаз агәрагара еиҳагьы аҽарӷәӷәеит», - ҳәа ишәҟәы аҿы иҩуеит аҭоурыхдырҩы Уаликәа Ԥачлиа.

Ари арыцхә наунагӡа Аԥсны аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ылнахит. Гагратәи Аиааира ираԥхьатәиин Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы, иара уи шьаҭасгьы иаиуит Аиааира ду. Аԥсуа еибашьцәа рымч еибыҭаны, ҳәоуеиқәшәала, сааҭқәак ирылагӡаны ирылдыршеит Гагра араион аӷа иалцара. Убри алагьы аԥсуа еибашьцәа иргеит раԥхьатәи, ргәы шьҭызхаз, ршьамхы зырӷәӷәаз Аиааира.  Уи Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа еимга-еимцарак ала Аԥсны ампыҵахаларазы рыгәҭакы ҵаҵӷәыданатәит, ргәыӷрақәагьы хнарбгалеит.  

 


Read 71 times - Аҩаша, 07 Жьҭаара 2025 12:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.