АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жьҭаара.2025

Бадра Гәынба аԥсуа жәлар Гагра араион ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥсуа жәлар Гагра араион ахақәиҭтәра Амш 33-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Акыр иаԥсоу Гагра араион ауааԥсыра, ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Гагра араион ауааԥсыреи Аԥсны иқәынхо ҳауаажәлар зегьи ишәыдыснҳәалоит Гагра араион ахақәиҭтәра амш. Ари арыцхә наунагӡа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ианылоит раԥхьатәи иааираны, Аиааира хадахьы ҳназгаз акәны.

Ари ахҭыс ҳаибашьцәа ргәамч шьҭнахит, ҳажәлар ргәы еизнарҳаит, ҳаӷацәа ргәыӷрақәа хнарбгалеит. Ари аиааира аҵакы ахә ашьара уадаҩуп - хықәкыла адунеи зегьы ианарбеит Аԥсны жәлар ахақәиҭра ишазықәԥо, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш лашазы хьаҵрак шыҟарымҵо.

Ари аныҳәа амш аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, зыԥсҭазаара Гагра ахақәиҭтәра иахҭнызҵаз. Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәәит, русԥшьа ацҵара ҳара иаҳуалԥшьаны иҳаҧхьаӡоит.

Гагратәи араион – Аԥсны мраҭашәаратәи агәашәқәа роуп, уи ҳара ҳгәадуроуп. Иахьа аҿиарамҩа иануп, ахаҿра арԥшӡоит, аинфраструктура аҽаԥсахуеит, аҭагылазаашьа ҿыц аԥнаҵоит аԥсҭазаара аиӷьтәразы. Ари зегьы - Гагра араион атәылауаа рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара аанарԥшуеит.

Аҭоурыхтә ҵакы змоу амш аҽны  акыр иаԥсоу гаграа, аԥсуа жәлар зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа!

Ҽаанбзиала шәнеилааит!

 

 

 


Read 71 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.